Понедельник, 30 сентября 2019 11:38

«Сыԥсузаргьы… иснаалоит абас аԥсра» - Ефкан Цыба.

30 сентября 2019 года.

Вечер памяти репатриантов, отдавших жизни за свободу Абхазии.

Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз арепатриантцәа ргәалашәара иазку ахәылԥаз.

Иалахәын А. Наӡаӡе лыхьӡ зху Аҟәатәи а-15-тәи абжьаратә школи К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи алицеи-интернати рҵаҩцәа.

Абар иааигәахеит Аԥсны аҭоурых аҿы зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира аанаҳкылеижьҭеи 26 шықәса аҵра. Абџьарла еиқәных еибыҭаз ақырҭуа қәылаҩ иҭахын ԥсуа шьаҭак даанмыжькәа Аԥсны ҭаирцәырц, ҳаԥсадгьыл ҳбызшәа ықәмҩа иҟаиҵарц.

Шықәсык инеиҳаны агәырҩа, ахьаа, алаӷырӡ…

Имаҷӡам 26 шықәса. Аҽаԥсахит ҳаҭсҭазара. Ҳтәылаҿы имҩаԥысует угәы шьҭызхша ахҭысқәа рацәаны, аха иҟоуп угъы еихьызшьуагьы.  Убас иҟоу аамҭақәа раан ибзиан иаҳгәалаҳаршәалар Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз арԥарцәа. Урҭ рхы иазҵааӡомызт – иаҭахыума иахьа сыԥсадгьыл сыԥсы? - ҳәа. Урҭ афырхацәа рыгәҭа игылан мшын-нырцәтәи ҳџьынџьуаагьы. Аԥынгылақәа зегьы ириааины, август 25 аҽны иҟан Гәдоуҭа.  «Ахақәиҭра аибашьцәа», дара рхазы ишырҳәоз еиԥш, - зыԥсадгьылаз зхы иамеигӡаз Ҭырқәтәыла, Сириа, Иорданиа, насгьы Баҭым ақалақь аҿынтәи арԥарцәа - ҿарацәа. «Уԥсы зқәуҵаша Аԥсадгьыл уманы уҟазар, иарбан уи еиҳа ихадароу?» - ҳәа ихәыцуан дара. Иарбан мчу, иарбан бзиабароу идзырҟаҵаз урҭ, рыҩны ԥхақәа ааныжьны, ахаан блала ирымбацыз рабдуцәа рыԥсадгьыл рхы ақәҵара. Иҟалап иара убри алагьы идыриашазар 150 шықәса раԥхьа, рабдуцәа ихҵәаны ианцоз, иалыршахаз агха ӷәӷәа. Иҟалап убысҟан зегь зымчу Анцъа ду аҭоурых ашәҟәы ианиҵазар,  ихҵәаны ицоз жәларык рхәыҷқәа еиҭах еибашьрала рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәра…

Аибашьра ӷәӷәа цон, инымҵәаӡо афырхаҵара дуқәа аарԥшуа, рқәԥшра шықәсқәа ақәырӡуа, иҭахон иреиӷьыз аӡ-нырцәтәи аҵеицәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан абарҭ: Баҳадыр Абаӷба, Ефқан Цыба, Фарид Арҩҭаа, Ведаҭ Кәаӡба, Чычба Зиуар, Гасан Џьаркас, Зафер Аргәын, Ҳанефи Егожь, Иури Аӡынба, Анзор Агрба. Урҭ рыԥсадгьыл аҿы имԥсӡо ахьӡ рчаԥеит, рхатәы баҟақәа дыргылеит, рыжәларгьы ргәалашәараҿ наӡаӡа иаанхоит.

Минуҭктәи аҿымҭра.

«Ахәра ашәа» азыӡырҩра.

Фарид Арҩҭаа иҭоурых даԥхьеит Милада Ҳашԥҳа.

Мшын-нырцәынтәи ҳашьцәа раара еиԥкымызт, иаауан хыԥхьаӡара рацәала. Убарҭ дрылан зынӡак иқәԥшыз, ахаан зҭоурыхтә ԥсадгьыл зымбацыз, Ҭырқәтәылатәи адиаспора ахаҭарнак Беқьир Ашәба. 2014шықәсазы иҭыҵыз игәыҭшьаагоу ишәҟәы «Сыхьҭашьует» аҿы еиҭеиҳәоит, иара еиԥш иқәыԥшыз иҩызцәеи иареи Аԥсны аибашьра ҟалеит ҳәа анраҳа, ԥынгылак иазнымкылакәа ишааз, рашьцәа ирывагыланы ишеибашьуаз. Аԥсадгыл ахь абзиабареи, апатриотизмреи, аҩызцәа рҭахара иацу ахьааи рыла иҭәу ари ашәҟәы, лаӷырӡыда узаԥхьом. Автор раԥхьаӡа акәны иаҳзааиртит уаанӡа иаҳзымдыруаз, «Ахақәиҭра ақәԥаҩцәа» знысыз амҩа, аибашьра ианалага Ҭырқәтәыла адиаспораҿы имҩаԥысуаз апроцессқәа. Иуҳәар алшоит иахьатәи ҳаиԥылара арии ашәҟәы цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит ҳәа.

«Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа анҳаҳа, зегьы афымца ҳасызшәа ҳаҟан. Мышкы аамышьҭахь ауп аарлаҳәа ҳхы аҭыԥаҿ иааины иҟаҳҵаша ҳазхәыцуа ҳаналага. Ауаа зегьы аууаҳәа ианеилыхоз аамҭаз, ҳарҭ гәыԥҩык Аԥсныҟа амҩа ҳшықәлаша ҳәа ӡбаны ҳалгахьан. 33-ҩык аҿар рыла раԥхьаӡатәи агәыԥ еиҿкаахееит. Наҟ-наҟ амҩақәа анааты, еибашьра иааз кырӡа ирацәахеит, аха раԥхьаӡа акәны аибашьраҳәа амҩа иқәлаз абри агәыԥ иалаз аҿар, адиаспора аҟны иҟоу ҳауаажәлар наунагӡа ахьымӡӷ рхызхыз роуп ҳәа исыԥхьаӡоит» - иҩуеит ашәҟәы аԥхьажәаҿы аиҭагаҩ, Аԥсны еицырдыруа Октаи Чкотуа.

«Ҳгәы иҭабылуаз Аԥсны абзиабара аиҭаҳәашьа амаӡамызт. «Аԥсадгьыл абзиабара» аҳәара иахьынӡаиашоу сыздыруамызт. Избанзар, ҳара ҳакәым, ҳабацәагьы Ҭырқәтәыла иихьан, ҳабдуцәагьы Ҭырқәтәылаз еибашьхьан, рхы ақәырҵахьан, ҳарҭ аӡәгьы Аԥсынра ҳамбацызт. Уи амшала ҳара ҳабзиабара зынӡа даҽакын. Ҳҩызцәеи ҳареи ҳахьыҟазаалак, ԥсрак аҿы ҳаҟазшәа акәын ҳаштәоз, ҳашгылоз. Харантәи иҳахәаԥшуаз иаҳнибаалоз ахьаала, ҳшаԥсыуаз еилыркаауан, - иҩует Беқьир Ашәба. Ари ашәҟәы ҭәуп игәыҿкаагоу хьаала, автор зда ԥсҭазаара имамыз иҩызцәа хазынақәа Баҳадыри, Ефқани рыгәхьаагарала. Аибашьра анеилгагьы урҭ рылымкаа Аԥсны даангыланы анхара-анҵыра ихы ахыбааны, иахьа аҳәаанырцә тәылак аҿы дынхоит Беқьир. Аха аԥсуаа ҳҭоурыхаҿы наӡаӡа иаанхоит «Ахақәиҭра аибашьцәа ирзикыз ишәҟәы.

Уажәы ҳарзааҭгылап Беқьир ихьаа, иара игәыбылра, иара иԥсҭазааратә гәаҳәарақәа лазырҟәуыз урҭ иҩызцәа:

Авидеоролик ахәаԥшра.

Ефқан Цыба иҭоурых даԥхьеит Инал Қапба - Аҟәатәи 15-тәи ашкол аҵаҩы. Ефқан Цыба ихатә жәеинраала «Сыԥсадгьыл» даԥхьеит Аҟәатәи алицеи-интернат аҵаҩы Симаза Гечба.

Баҳадыр Абаӷба иҭоурых даԥхьеит Аҟәатәи алицеи-интернат аҵаҩы Саид Ҳагба. Баҳадыр изку Беқьир Ашәба иажәеинраала – Аҟәатәи 15-тәи ашкол аҵаҩыҬориа Алан.

Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Беқьир абри аҩыза ашәҟәы иахьа ҳнапы иахьаку азы, иара убас ашәҟәы аиҭагаҩ Оқтаи Чкотуа, ҳажәлар шәышықәсеи бжаки зхыҵуа рхьааи, ртрагедиеи даҽазнык иашарала ҳагәылазырԥшыз. Ашәҟәы «Сыхьҭашьуеит» афильм ахь ииагазар,  иалҵуан ашедевр ҳәа ззуҳәаша арҿиамҭа. Иахьала уи алымшацт, аха иҟалап иеиӷьу аамҭақәак.

Аԥсны еицырдыруа апоет, ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба иажәеинраала «Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳашьцәа Ҭырқәтәылаа» даԥхьеит Алицеи-интернат аҵаҩы Жад Арҩҭаа.

Ведаҭ Кәаӡба иҭоурых даԥхьеит МиланаТәанԥҳа.

Зафер Аргәын иҭоурых– Алицеи-интернат аҵаҩы Мадлена Цулукиа.

Гасан  Џьаркас иҭоурых– даԥхьеит Афаунова Даиана.

Аибашьра иазку ашәа нарыгӡеит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа

астудентцәа.

Зиуар Чычба иҭоурых даԥхьеит Аҩӡԥҳа Лана – Аҟәатәи 15-тәи ашкол.

Зиуар Чычба изку Борис Гәргәлиа иажәеинраала иаԥхьеит Алицеи-интернат аҵаҩцәа-аеҳәшьцәа Татаршао Раним, Тасним.

Ҳанефи Егожь иҭоурых – даԥхьеит Милана Тәанԥҳа.

Иури Аӡынба иҭоурых даԥхьеит Алицеи-интернат аҵаҩы Кан Торчуа.

Анзор Агрба иҭоурых даԥхьеит Алицеи-интернат аҵаҩы  Ариана Агрба.

Иузаарԥшрым ишахәҭоу Аԥсны аҵеицәа ирылшаз афырхаҵара, шьала икәабоу аиааира. Зықьҩыла рхы ақәырҵеит. Урҭ реиҳараҩык аҿар ракән. Дара ракәын Аԥсны уаҵәтәи амш ззыԥшыз. Аха ҳажәлар арыцҳара ианақәшәа, рхы иамеигӡеит. Хымԥада зегьы ирҭахын аԥсҭазаара, анхара-анҵыра, аиааира рыманы аҩныҟа ахынҳәра. Урҭ рыхьӡ наӡаӡа кашәара ақәым! Урҭ рхы мҩаԥыргеит ажәытә рабацәа, урҭ рабацәа ишраҭәаз. Урҭ иҭахаз рыхьӡқәа наӡаӡа ианылароуп Аԥсны аҭоурых, хашҭра амамзароуп аԥсуа милаҭ маҷ хә-миллионк еиқәных иҟаз амилаҭ ишабашьуаз, егьшаиааиз. Аҭакԥхықәра ацуп уи аныҟәгара, ишьҭыхны, иҳаракны–ахааназ!

Аиааира амарш – налыгӡеит автор, аиԥылара иалахәыз Ҭырқәтәылантәи адыга ԥҳәызба Гиульшан Алҭан, 2019 шықәсазы «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка» ҳәа ахьӡ зыхҵоу.

Галерея изображений