Понедельник, 11 марта 2019 11:57

«О, сыԥсы алоуп са стәыла ссир»

Хәажәкыра 11, 2019 ш.

«О, сыԥсы алоуп са стәыла ссир» - Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку алитературатә хәылԥазы.

«Сара саԥсуара сзахымԥеит» - абиблиографиатә мҩақәҵага.

 

Аиԥылара изкын аԥсуа жәлар зегь бзиа иеицырбо апоет лаша Таиф Аџьба. Иахьа дҳалагылам уи, аха иаҳзаанижьит ԥсра зқәым апоезиа. Иара ссируп, иаҵоуп ахатә мелодиа, еихышәшәа-еихышәшәо. Иажәеинраалақәа зегьы акы узалхуам, даҽак узныжьуам, зегьы неибеиԥшны ухырхуеит - ахәыҷқәа ирызку аума, алирика аума.  Аԥсабара данахцәажәо – уи иахылҵуа ашьҭыбжьқәа лабҿаба иуаҳауеит. «Аԥсуа Пушкин» ҳәа уҳәар ауазар, ҳара ҳзын уи Таиф Аџьба иакәхоит.

Ҳәарада,  ипоезиа иаԥхьоит ахәыҷқәа, ирҵоит ашколқәа рҟны. Аха уи мацара азхом ари аҩыза апоезиатә дунеи ссир аҿар еилыркаарц, бзиа ирбарцаз наунагӡа. Ирдырыц аԥсуа бызшәа егьырҭ абызшәақәа ишрыҵамхо, адунеи абызшәақәа зегь реиҳа ақәра змоу ишраԥхьагылоу. Таиф дахьалацәажәоз азын мацара изыумҵарызеи аԥсшәа! Абри ахшыҩҵак  ргәаҿы инеип ҳәа ҳақәгәыӷуеит иахьа иаҳҭоу аҿар.

Ҳахәылԥаз активла иалахун еснагьтәи ҳпартниорцәа: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҵаҩцәа, Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа, Аҟәатәи аҟазаратә ҵараиурҭа астудентцәа, Аҟәатәи аҿар ртеатр актиорцәа. Урҭ рымч ала сааҭки бжаки абиблиотекаҿ аҳра руан Таиф Аџьба иажәеинраалақәеи, урҭ ирылхны аԥсуа композиторцәа иаԥырҵаз ашәақәеи.

         Аҿарпын абжьы – Т. Аџьба иажәақәа ирылху «Аҿар ргимн» неигӡеит Аҟәатәи аҟазаратә ҵараиурҭа аҵаҩы Асхан  Воуба.

Таиф иԥсы зыҿҳәараз Аԥсны иазку ажәеинраала ссирқәа ирыԥхьеит Алицеи-интернат аҵаҩцәа:

«Алакәқәа» - Коиӡе Салима.

«Ауаҩы»   -   Қапба Амра.

«Ахатәы бызшәа» - Липартиа Рустам.

«Аԥсынтәыла»  -  Аиба Иана.

«Ари адгьыл»  -  Ҳаџьымԥҳа Альбина.                

«Аԥсшәа агәхьаагара» - Патхвариа Мадина.

«Аԥшәма» - Ҷолариа Джулиана.

Аурыс поет Виачеслав Куприанов еиҭагамҭа Т. Аџьба иажәеинраала «Моя смерть» - Агәухаа Арина.

Апоет иажәеинраалақәа  еихышәшәашьала  ашәа иазааигәоуп,  иҟоп ашәаҵас иаԥиҵаз аҩымҭақәагьы. Иажәеинраала иалхны акомпозитор Оҭар Хәынцариа иаԥиҵаз ашәа «Аҷандараҟа даагоит» нарыгӡеит авокалтә-инструменттә ансамбль «Гәында» алахәылацәа.

Ҳмилаҭ еснагь ирыман рхатә доуҳатә ҟазшьа. Уи аныԥшуан рхымҩаԥгашьа, рысасдкылара, рынхашьа-рынцышьа. Убри иазкуп   Аџьба ижәеинраала «Уааи сыҩныҟа» - даԥхьеит Аманда Амҷԥҳа.

Апоет иан лахь имаз абзиабара лаша, уи лыхӡыӡаара бзианы иаанарԥшует ажәеинраала «Сан» - даԥхьеит Баҭал Жваниа.

Т. Аџьба ибзиабаратә лирика еиднакылоит ажәеинраала ссирқәа:             «Бареи сареи ҳхала» –Торчуа Кан.

«Иреиӷьу аҵх», «Сбыҳәон» - Ӷәынџьиа Леон.     

«Ан дшыцәаз лыԥҳа дыргеит» - Занҭариа Кан.

Ашәа «Сухашҭроуп ҳәа сабымҳәан», ажәақәа Таиф Аџьба, амузыка Роза Чамагәуа-ԥҳа - ансамбль «Гәында».

Таиф ипоезиа летмотивс иамоуп аԥсабара абзиабара. Ирацәоуп урҭ ажәеинраалақәа:

       - «Ашьыжь» - Ҭориа Моисеи, Канџьариа Владислав.   

       - «Арҩаш ҭрысқәа еилыҽҽоит» - Уртмелидзе Милана.

       - «Ааԥынтәи ақәа» -Ҭаниа Алина.

       - «Амра ссируп аҭашәамҭаз» - Цулукиа Мадина.

       - «Аӡын» - Гамгиа Лана.

       - «Уара аҵыс хәыҷ, сылашара» -Чачхалиа Дауҭ.

       Раԥхьатәи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы, ҳтәыла анҭыҵгьы зыхьӡ хара инаҩхьоу, Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа иналыгӡеит Таиф иажәақәа ирылху ҩ-ашәак:  «Аԥсшьара», «Ҭынч ашьшьыҳәа снатәаны».       

         Таиф Аџьба акыр ирбеиеит аԥсуа хәыҷтәы поезиа. Иара иҳәашьала, «ахәыҷқәа рҟынӡа аҽышьҭыхра» уалԥшьа дуны иԥхьаӡон.     

 «Уа мшыбзиа!» -Ҭаниа Алина.

«Џьит» - Ҭориа Евдокиа.

«Аибадырра» - Аргәын Милада, Канџьариа Виталина, Чычба Расма,    

                         Чачхалиа Давид.

«Дадуи сареи» - Ҟаитанба Саид.

«Жәаа» - Коӷониа Леон.

Апоет иқәрахь днаскьацыԥхьаӡа илирика иаҳа иҵарны ианыруа иалагеит афилософиатә мотивқәа - адгьыл ақәзаара ҵакыс иамоу, ииасыз аамҭа азхьра, адунеи шуаароу азхәыцра. Урҭ азҵаарақәа ирызкуп ажәеинраалақәа:  

«Ҳаиҳа зымчу» - Ҳагба Саид.

«Анцәеи ауааи» -Ажьиԥҳа Асмаҭ.

«Абла иамбо» - Гьергиаԥҳа Лана.

«Аԥхыӡ ашьҭахь» - Гьергиаԥҳа Лана.

«Са сыԥсы» - Ломиа Ренат.                                                                

Таиф Аџьба ибзиаӡан еиликаауан аԥсуаа рхьыԥшымра азҵаара. Кыр шықәса раԥхьа иаԥиҵаз ажәеинраала «Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы» иаанарԥшуеит 1992 шықәсазы, аӷа хәымга данҳақәла, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҭагылазаашьа, рпатриотизм, ргумшәара. Ажәеинраала «Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы» - даԥхьеит Ҟәруа Леон.

Апоет аӷацәа дрымпыҵашәаанӡа маӡала иҩуан амшынҵа. Уаҟа гәалас иман аҭахара иаҿыз аҵеицәа, гәалас иман Аԥсны зегьы, аԥсуаа зегьы, Анцәа диҳәон, Дыдрыԥшь-ныха даҳәон Аԥсни аԥсуааи ирхылаԥшырц.

 Имаҷым дзыхьӡаз, аха игәҭакқәа иаҳагьы ирацәан.  Дахьымӡеит.  1992 шықәса жьҭаарамза 9 аҽны, ақырҭуа мпҵахалаҩцәа иҩны дындәылганы дыргеит.  Уи нахыс хабарда дыбжьаӡит. Аԥсны дацәыӡит иреӷьыз аҵеицәа руаӡәк… Шаҟа рҿиамҭа хазына аԥиҵаран дыҟаз Иаԥхьаҟа!  

Аха араҟа инижьыз идунеи – иажәа-иашәа – ҭбаауп, иҵаулоуп, иԥшӡоуп, ҳаиԥыларагьы хҳаркәшоит гәыӷрала иҭәу иажәеинраалақәа руак ала: «Рыӡбахә сымоуп шәҭы бабышқәак» - даԥхьеит Чхетиа Милана.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз ражәа ԥхақәа изыркит ҳаамҭазтәи аԥсуа поетцәа: Геннади Аламиа, Инна Аҳашԥха, Вахтанг Аԥхазоу, Инна Ҳаџьымԥҳа, Анатоли Лагәлаа уҳәа ирацәаҩны, Таиф иԥсҭазаара   ицеиҩызшоз   ихатә   ҩыза   Римма   Асҭамыр-иԥҳагьы дналаҵаны. Ихцәажәара шырзымариамызгьы, урҭ аҿар ирыцеиҩыршеит ргәалашәара хазынақәа.

 

 

 

Галерея изображений